Аатра 7:1—17
7 Анаҩс избеит адгьыл аԥшькәакьк рҿы ԥшьҩык амаалықьцәа шгылаз, насгьы урҭ адгьыл аԥшьԥшак ӷәӷәаны ишыркыз, адгьыл ахьгьы, амшын ахьгьы, аҵлақәа рахьгьы иамысларц азы.
2 Анаҩс дызбеит мрагыларантәи иаауаз, Анцәа имҳәыр змаз даҽа маалықьк. Иара ибжьы рдуны адгьылгьы амшынгьы аԥхасҭа аҭаразы амчра змаз ԥшьҩык амаалықьцәа ирықәҿиҭын,
3 ус иҳәеит: «Адгьылгьы, амшынгьы, аҵлақәагьы шәрыламкьысын, аԥхасҭа рышәымҭан, Ҳанцәа имаҵуцәа рылахь амҳәыр ааҳархаанӡа».
4 Анаҩс исаҳаит амҳәыр заархаз 144 000-ҩык шыҟаз. Дара израильтәи абиԥарақәа зегь рҟынтә иалхын.
5 Иуда ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Руви́м ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Гад ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,
6 Аси́р ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Неффали́м ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Мана́ссиа ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,
7 Симеон ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Ле́ви ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Иссаха́р ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,
8 Завуло́н ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Иосиф ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык,Вениамин ишьҭра аҟынтә 12 000-ҩык.
9 Уи ашьҭахь ԥхьаӡашьак змамыз ауаа рацәа збеит — милаҭс, биԥарас, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа. Дара иауз амаҭәа шкәакәақәа рышәҵаны, апальма амахәҭақәа кны, аҳ итәарҭа аҿаԥхьеи Асыс аҿаԥхьеи игылан.
10 Дара рыбжьы ҭыганы, игәырӷьаҵәа ус рҳәон: «Аҳ итәарҭаҿы итәоу Ҳанцәеи Асыси роуп ҳаиқәзырхаз».
11 Аҳ итәарҭеи, аиҳабацәеи, ԥшьҩык ахерувимцәеи* иаарыкәыршаны игылаз амаалықьцәа зегь шьамхышгыланы Анцәа иеихырхәан,
12 ус рҳәеит: «Амин! Иҟәышу, амч ду змоу, зегь зылшо Анцәа ду наунагӡа хьӡи-ԥшеи, аҽхәаԥхьыӡи, аџьшьареи, аҳаҭыри игымзааит! Амин».
13 Аиҳабацәа руаӡәк ус дсазҵааит: «Изусҭцәада амаҭәа шкәакәақәа зшәу арҭ ауаа? Иабантәиааи дара?»
14 Сара иаразнак исҳәеит: «Уара еиҳа иудыруеит, ухаҵкы». Усҟан иара ус сеиҳәеит: «Арҭ арыцҳара ду иацәынхаз роуп. Дара рымаҭәа Асыс ашьала ирыӡәӡәан, иҟәашкакараӡа иҟарҵеит.
15 Убри азоуп дара Анцәа итәарҭа аҿаԥхьа игыланы, уахи-ҽни иныҳәарҭаҿы имаҵ зыруа. Аҳ итәарҭаҿы итәоу иқьала еиҵыхны урҭ ирхаиргылоит.
16 Дара млашьуа, аӡба иԥсуа уаҳа иқәхаӡом, амра рхы иасуа, ашоура бааԥс иаргәаҟлаӡом,
17 избанзар аҳ итәарҭа авараҿы* игылоу Асыс ахьча иеиԥш урҭ ирыцзаауеит, насгьы аԥсҭазаара узҭо аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ахь иагалоит. Анцәагьы урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит».