Иҟашәҵар шәылшозеи, шәхатә ҩыза апорнографиа дахәаԥшуазар?
-
«Сыԥшәма зныкымкәа сиԥсахызшәа схы збон».
-
«Сара ԥҳәыск лаҳасабала сыԥшәма илахь смаиуашәа, пату сықәимҵошәа, насгьы акгьы саԥсамшәа схы збон».
-
«Сара уи аӡәгьы исызиаҳәаӡомызт, убри аҟынтә ҿымҭӡакәа сгәырҩон».
-
«Сара Иегова бзиа симбошәа сгәы иаанагон».
Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо ала, ахаҵа апорнографиа дахәаԥшуазар, уи аԥҳәыс ахьаа ӷәӷәа лзаанагоит. Иара уи аҩыза ашьцылара шимоу иҵәахуазҭгьы, иҟалап мызла ма шықәсыла, игәра агара лцәыцәгьахар ауеит. Иаҳәшьак илҳәоит: «Сара сыԥшәма зынӡа дысзымдыруазаап. Иҵегьы исцәиҵәахуа здыруада?!»
Ари астатиа зхацәа апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭызхыз аҳәса рзы иҩуп a. Ара иаагоу Абиблиа аҟынтә азхәыцрақәа ргәы шьҭнахуеит, Иегова бзиа ишибо агәра днаргоит, доуҳала иарӷәӷәоит, насгьы ргәы иҭоу ахьаа артәоит b.
ИҞАЛҴАР ЛЫЛШОЗЕИ АԤҲӘЫС?
Ҳәарада, шәыԥшәма иааҟаиҵо зегьы аконтроль шәзаҭаӡом. Аха шәхьаа маҷк итәарц, насгьы еиҳа агәҭынчра шәоурц азы ак ҟашәҵар шәылшоит. Абар лабжьарақәак.
Шәхы ахара адшәымҵалан. Иҟалап шәыԥшәма апорнографиа дахьахәаԥшуа шәара шәоуп изхароу ҳәа шәгәы иаанагозар. Алиса c ԥҳәыск лаҳасабала лыԥшәма илахь дмааиуашәа, ак лыгушәа лбон. Лара абри азҵаара ҭаха лнаҭомызт: «Избан иара сара сакәымкәа, егьырҭ аҳәса рыхәаԥшра зигәаԥхо?» Мамзаргьы уи аҭагылазаашьаҿы шәхы шымҩаԥыжәго азы шәхы ахара адышәҵозар ауеит. Уи аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит ҳәа шәыԥхьаӡозар алшоит. Дание́лла илҳәоит: «Сгәыԥжәара сзынкыломызт, ҳҭаацәара схаҭа ихсырбгалошәа збон».
Шәара ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар, ишәхашәмыршҭлан: Иегова иԥхьаӡаӡом шәыԥшәма ихымҩаԥгашьазы аҭакԥхықәра зду шәара шәоуп ҳәа. Иаков 1:14 аҿы иануп: «Ауаҩы дԥызшәо, дагьхызхуа ихатә гәаҳәара ауп» (Рим. 14:12). Иегова шәара акгьы шәхареиҵаӡом. Иара гәыкала шәахьизыҟоу ахә ҳаракны ишьоит (2 Аш. 16:9).
Шәара шәыԥшәма апорнографиа дахәаԥшуазар, уи иаанагаӡом шәара ак шәыгуп ҳәа. Уи атема ҭызҵаауа аекспертцәа изларҳәо ала, апорнографиа дарбан ԥҳәысзаалакгьы илызхамырҭәаауа иҽеим агәаҳәарақәа узцәырнагоит.
Амцхә шәымгәырҩалан. Ке́трин илҳәоит лыԥшәма апорнографиа дшахәаԥшуа лхы ишлызҭымгоз, уи есымша дшазхәыцуаз. Фра́нсесгьы иаартны илҳәоит: «Сыԥшәма дахьыҟоу анысзымдыруа сгәы ҭынчӡам, схы ахьызгара смоуа сықәхоит». Қьырсианцәақәак рхатә ҩыза имоу ауадаҩра аӡбахә здыруа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рааигәара ианыҟоу рхы уамашәа ирбоит. Даҽа шьоукы рыуадаҩреи дареи рхала ианеизаанхалак, ирхырго аӡәгьы изеилымкаауашәа ргәы иабоит.
Арҭ рҩызцәа ацәаныррақәа шәызцәырҵлар алшоит. Аха уи шәааҟәымҵӡакәа шәазхәыцлар, зынӡа агәҭынчра шәцәыӡуеит. Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шәхы рзышәышьҭ, уи амч шәнаҭоит (Аԥсал. 62:2; Еф. 6:10).
Шәрызхәыц иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан Иегова ианиҳәалак ашьҭахь агәҭынчра зауаз аҳәса ирызку Абиблиа аҿы иану ахҭысқәа. Анцәа урҭ рыуадаҩрақәа анырԥыримгозгьы ыҟан, аха агәҭынчра есымша ириҭон. Ҿырԥштәыс дааҳгап Анна. Лара лгәы каҳаӡаны даныҟаз акыраамҭа Иегова диҳәон. Уи ашьҭахь лыуадаҩра ӡбашьас иаиуаз шылзымдыруазгьы, уаҳа уи хьаалгаӡомызт (1 Сам. 1:10, 12, 18; 2 Кор. 1:3, 4).
Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәа. Урҭ шәара шәзы «аԥша аҟынтә ахыхьчарҭа иаҩызахоит, афырҭын аҟынтә ахыҵакырҭа иеиԥшхоит» (Ис. 32:2). Иҟалап урҭ шәыгәҭыхақәа аартны изашәҳәаша, насгьы шәгәы шьҭызхша иаҳәшьак дышәзырыԥшаар (Ажәам. 17:17).
ИШӘЫЛШОМА ШӘХАТӘ ҨЫЗА ШӘИЦХРААР?
Ишәылшома апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас измоу шәхатә ҩыза шәицхраар? Ишәылшаргьы ауеит. Абиблиа излаҳнарбо ала, уадаҩрак аӡбара аан, ма аӷа иҿагылара аан «ҩыџьа еицыҟазар еиӷьуп, аӡәы ихала дыҟазар аасҭа» (Еккл. 4:9—12). Аҭҵаарақәа ишьақәдырӷәӷәоит ахаҵа имоу ашьцылара аиааиразы, насгьы аҭаацәалазаараҿы агәреибагара ашьақәыргыларазы хаҵеи-ԥҳәыси еидгыланы аџьабаа анырбо лассы-лассы ақәҿиара шрымоу.
2 Кор. 4:7; Иак. 5:14, 15). Уи ашьцылара аҿагыларазы аплан шьақәыргыланы имоума? Иаҳҳәап, аелектронтә хархәагақәа рхархәара аганахь ала аԥҟарақәа шьақәиргылама, насгьы дхызхыр алшо аҭагылазаашьақәа иҽырцәихьчома? (Ажәам. 27:12). Дазхиоума шәара шәҟынтә ацхыраара адкылара, насгьы акгьы шәцәымҵәахӡакәа зегь шәеиҳәома? Ааи акәзар, шәыԥшәма ицхраара шәылшоит.
Ҳәарада, шәыԥшәма уи ашьцылара аиааира шаҟа иӷәӷәаны иҭаху, насгьы уи азы шаҟа аџьабаа абара дазхиоу акраҵанакуеит. Дрыҳәама Иеговеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ацхырааразы? (Иҟашәҵар шәылшозеи шәара? Ҳалацәажәап Фели́сиа лҿырԥшы. Лхаҵа И́тан данхәыҷыз апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас иоухьан. Фелисиа лыԥшәма иахь аилкаара аалырԥшуеит, насгьы аицәажәара еснагь дазхиоуп. Убри аҟынтә иара апорнографиа ахәаԥшразы агәаҳәара аниоулак, уи аартны лаҳәара изымариоуп. Абар Итан ииҳәо: «Сара сыԥшәмаԥҳәыс акгьы лцәысҵәахӡом. Лара аҳәаақәа рышьақәыргылара дсыцхраауеит, иаҳҳәап, аинтернет ахархәара аганахь ала, насгьы еснагь қәҿиарас исымоу дазҵаауеит». Ҳәарада, Итан имоу ашьцылара бааԥс Фелисиа ахьаа ӷәӷәа лзаанагоит. «Аха сара агәыԥжәареи агәынамӡареи аасырԥшлар, уи акгьы ихәаӡом, — лҳәоит Фелисиа. — Ҳаидтәаланы имоу ауадаҩра ҳаналацәажәалак, иара семоциатә ҭахрақәа реиҷаҳара еиҳа изымариоуп».
Ус еиԥш иҟоу аицәажәарақәа ахаҵа имоу ашьцылара бааԥс қәҿиарала аҿагылара ицхраауеит. Уимоу, урҭ аицәажәарақәа аԥҳәыс лзгьы ихәарҭоуп. Избанзар ахаҵа иԥсыҽрақәа рыӡбахә аартны ианиҳәо, насгьы амш аҩныҵҟа дахьыҟоу, дызҿу анлеиҳәо, аԥҳәыс игәра агара еиҳа илзымариоуп.
Шәазхиоума шәаргьы ус еиԥш иҟоу азнеишьа ахархәара? Шәазхиазар, шәыԥшәмеи шәареи ари астатиа шәеицаԥхьаны шәалацәажәарц шәиҳәа. Иара хықәкыс иқәиргылароуп апорнографиа ахәаԥшразы имоу ашьцылара акажьреи шәыгәрагара арҳареи. Уи ауадаҩра аӡбахә шәҳәацыԥхьаӡа агәыԥжәара аҭыԥан, уи шәара шаҟа ахьаа шәзаанаго еиликаароуп. Шәара шәакәзар, хықәкыс ишәымазароуп шәыԥшәма имоу ашьцылара бааԥс ааныжьразы иибо аџьабааҿы ицхраареи уи шизалҵуа ала агәыӷра амырӡреи. Шәара шәҩыџьагьы еилышәкаароуп ауаа апорнографиа ахәаԥшра ргәазырԥхо, насгьы уи аҿагыларазы иҟаҵалатәу d.
Шәыԥшәмеи шәареи уи атема ҭынч шәзаламцәажәар ҳәа шәшәозар, шәанеицәажәо Еккл. 7:8; 1 Кор. 13:4).
шәҩыџьагьы зыгәра жәго аизара ахылаԥшҩы дшәыдтәаларц шәиҳәа. Шәыԥшәма уи ауадаҩра данаиааилак ашьҭахьгьы акыраамҭа цар алшоит дырҩегь игәра агара шәалагарц азы. Аха шәгәы кашәмыжьлан. Иҽахьиԥсахыз маҷзаргьы, уи гәашәҭала. Ачҳара аашәырԥшла, насгьы агәра ганы шәыҟаз мышкызны шәҭаацәалазаара дырҩегь анасыԥ шаиуа (ИҞАШӘҴАР ШӘЫЛШОЗЕИ, АУАДАҨРА ШЫҞАЦ ИААНХОЗАР?
Шәыԥшәма апорнографиа ахәаԥшра дшаҟәыҵхьазгьы дырҩегь ахәаԥшра далагазар, иаанагома уи игәнаҳа дахьымхәӡеит, насгьы уи уаҳа дзаҟәыҵӡом ҳәа? Уи ус акәымзаргьы алшоит. Аха иара ашьцылара ӷәӷәа имазар, иҟалап иԥсы ахьынӡаҭоу уи дазықәԥалар акәхар. Иара акыршықәса рышьҭахьгьы дырҩегь уи дахәаԥшырц агәаҳәара иоур ауеит. Уи аҩыза имыхьырц азы, иара иҟалап еиҳа иџьбароу аҳәаақәа ихазы ишьақәиргылар акәзар, насгьы уи ауадаҩра саиааит ҳәа игәы ианаанагогьы, урҭ дырҭымҵлароуп (Ажәам. 28:14; Матф. 5:29; 1 Кор. 10:12). Шәыԥшәма «[и]хәыцшьа» рҿыцны ацәгьа ацәымӷшьа иҵароуп — апорнографиа ахәаԥшреи амастурбациа еиԥш иҟоу ицқьам егьырҭ ашьцыларақәеи ицәымӷхароуп (Еф. 4:23; Аԥсал. 97:10; Рим. 12:9) Дазхиоума иара уи азы аџьабаа абара? Дазхиазар, ақәҿиара шиоуа агәра ганы дыҟазар илшоит e.
Аха шәыԥшәма имоу ауадаҩра аиааиразы аџьабаа абара иҭахымзар? Аамҭа-аамҭала шәгәы каҳалар, шәыԥсахы еибаклар алшоит, насгьы шәырҭиизшәа шәгәы иабалар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан Иегова иҿы агәырҭынчра шәыԥшаала. Шәгәы иҭоу зегьы иара изеиҭашәҳәала. Уи агәҭынчра шәнаҭоит (1 Пиотр 5:7). Иегова шәизааигәахала, Иажәа ҭышәҵаала, насгьы шәиҳәала. Агәра ганы шәыҟаз иаргьы дшышәзааигәахо. Исаиа 57:15 аҿы иануп Анцәа «агәырҩа змоу, насгьы ӷәӷәала згәы каҳаз» дрыцынхоит, насгьы урҭ амч риҭоит ҳәа. Ақьырсиантә ҟазшьақәа еизшәырҳала, насгьы зегьы иреиӷьу Иегова ишәҭала. Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәала. Знымзар-зны шәхатә ҩыза иҽшиԥсахуа ала агәыӷра шәмырӡын (Рим. 2:4; 2 Пиотр 3:9).
a Ари астатиаҿы ахаҵа апорнографиа данахәаԥшуа атәы ҳалацәажәоит, аха ара иаагоу апринципқәа, апорнографиа иахәаԥшуа аԥҳәыс лакәзаргьы, ихәарҭоуп.
b Абиблиа инақәыршәаны, апорнографиа ахәаԥшра аилыҵразы мзызӡам (Матф. 19:9).
c Хьыӡқәак ԥсахуп.
d Ихәарҭоу аинформациа шәыԥшаар шәылшоит асаит jw.org аҿы, насгьы икьыԥхьу ҳпубликациақәа рҿы. Иаҳҳәап, шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу астатиа «Порнография — угроза браку», насгьы 2014 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Вы можете устоять перед искушением!», адаҟьақәа 10—12, иара убас 2013 шықәса, август 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Порнография: безобидное развлечение или отрава?», адаҟьақәа 3—7.
e Апорнографиа ахәаԥшра лассы-лассы ашьцылара ӷәӷәа узцәырнагоит аҟынтә, ҭаацәарақәак аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраара адагьы, аҳақьымцәа рыцхыраарагьы иаҳәоит.