АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48
АШӘА 97 Ҳазшаз Иажәала ҳанхоит
Иисус ауаа џьашьахәыла ача ахьырҿеиҵаз иаҳнарҵо
«Сара аԥсҭазаара ача соуп. Сара сахь иааиуа ахаангьы амла дакӡом» (ИОАНН 6:35).
ЕИЛАҲКААУА
Иоанн 6-тәи ахаҿы иануп Иисус хә-чаки ҩ-ԥсыӡки рыла џьашьахәыла ауаа рацәа акрышырҿеиҵаз. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?
1. Шаҟа ихадази ача абиблиатә аамҭақәа раан?
АБИБЛИАТӘ аамҭақәа раан ача зегь раасҭа ихадаз фатәын (Аҟаз. 14:18; Лука 4:4). Зны-зынла Абиблиаҿы «афатә» аӡбахә анырҳәоз, ажәа «ача» рхы иадырхәон (Матф. 6:11). Иисус иҟаиҵаз еицырдыруа ҩ-џьашьахәыкгьы ача иадҳәалоуп (Матф. 16:9, 10). Урҭ аџьашьахәқәа руак аӡбахә ануп Иоанн 6-тәи ахаҿы. Шәааи уи ахҭыс еилҳаргап, насгьы уи иаҳнарҵо еилаҳкаап.
2. Избан зықьҩыла ауаа акрызырҿаҵатәхаз?
2 Апостолцәа ажәабжь ҳәаны икараха Иисус иахь ианыхынҳә, рыԥсы ршьар рҭахын. Убри аҟынтә Иисус иапостолцәеи иареи анышь иақәтәаны, Галилеиатәи амшын ала Вифсаида азааигәара иҟаз, иахьҭынчраз ҭыԥк ахь ицеит (Марк 6:7, 30—32; Лука 9:10). Аха ауаа уи раҳан, иаарласны зықьҩыла ауаа еизеит. Иисус урҭ хьаас икит. Иара урҭ гәыҭбаарала дырԥылан, Аҳра аӡбахә дырҵареи ачымазцәа рыхәышәтәреи далагеит. Ихәло ианалага, иҵаҩцәа асҟаҩык ауаа ирҿаҳҵарызеи ҳәа ахәыцра иалагеит. Иҟалап шьоукы фатәык рыцызҭгьы, аха еиҳараҩык ирфаша аархәарц азы ааигәа иҟаз ақыҭақәа рахь ицар акәын (Матф. 14:15; Иоанн 6:4, 5). Иҟаиҵои Иисус?
ИИСУС ЏЬАШЬАХӘЫЛА АУАА РАЦӘА АЧА РҾЕИҴЕИТ
3. Иреиҳәазеи Иисус иапостолцәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
3 Иисус иапостолцәа иреиҳәеит: «Иаҭахӡам, ирфаша шәара ирышәҭ» (Матф. 14:16). Уи ҟалашьа змазыз ак акәызшәа убар алшон, избанзар уа 5 000-ҩык раҟара ахацәа ыҟан. Аҳәсеи ахәыҷқәеи уԥхьаӡозар 15 000-ҩык раҟара ыҟазҭгьы ҟаларын (Матф. 14:21). Андреи иҳәеит: «Ара ҷкәына хәыҷык ачаԥшь иалху хә-чаки ҩ-ԥсыӡки имоуп». Ачаԥшь иалхыз ача есымша ирфоз фатәын, аԥсыӡқәа рҩазҭгьы ҟаларын. Еилкаауп анаҩс апостол абас дызҵааз: «Аха жәларык рзы уи акраанагома?» (Иоанн 6:9). Аиаша уҳәозар, аҷкәын имаз ала ауаа зегьы акрырҿаҵара залшомызт.
4. Иаҳнарҵозеи Иоанн 6:11—13 аҿы иану ахҭыс? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
4 Иисус асасдкылара ааирԥшыр иҭахын, убри аҟынтә ауаа гәыԥ-гәыԥла ашьац илатәарц реиҳәеит (Марк 6:39, 40; шәаԥхьа Иоанн 6:11—13). Уи ашьҭахь ачеи аԥсыӡи рзы Иаб ҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Убас иааирԥшит афатә ҳазҭо Анцәа шиакәу. Ҳаргьы уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит: акрыфара ҳтәацыԥхьаӡа Анцәа ҳиҳәалароуп — ҳхала ҳаҟазаргьы, ҳааигәара аӡә дыҟазаргьы. Иисус Анцәа даниҳәа ашьҭахь иҵаҩцәа иреиҳәеит ачеи аԥсыӡи ауаа ирзыршарц. Зегьы акрырфеит, рызхарагьы ҟалеит. Афатә убриаҟара ирацәан, иаанхазгьы ҟалеит. Иисус афатә бжьысыр иҭахӡамызт. Убри аҟынтә иаанхаз еизыргарц реиҳәеит, иҟалап ԥыҭрак ашьҭахь ирфарц азы. Иубаратәы иҟоуп Иисус имаз пату ақәҵаны ихы ишаирхәоз. Ҳаргьы уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Аҭаацәа, шәхәыҷқәеи шәареи ари ахҭыс шәеицаԥхьа. Шәалацәажәа акрыфара шәантәо Анцәа иҳәара заҭаху, асасдкылареи агәыҭбаареи раарԥшра зыбзиоу, насгьы ишәымоу ҟәыӷарала ахархәара зшәыхәҭоу.
5. Ирҭаххазеи ауаа, Иисус иҟаиҵаз анырба, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи иара?
5 Ауаа шанхеит Иисус аҵара шыдирҵози иҟаиҵоз аџьашьахәқәеи анырба. Дара Моисеи иажәақәа ргәалашәон. Иара иҳәеит Анцәа ижәлар аԥааимбар ду дырзааишьҭраны дшыҟаз. Иҟалап дара ргәы иаанагазар уи аԥааимбар Иисус иоуп ҳәа (Ҩынтә. 18:15—18). Урҭ ргәы иаанагон Иисус ажәлар зегьы акрырҿаҵара зылшо напхгаҩ бзиахоит ҳәа. Убри аҟынтә «мчыла аҳас дҟарҵарц» рҭахын (Иоанн 6:14, 15). Иисус уи дақәшаҳаҭхазҭгьы, аполитика даланагалон. Аха ихы шԥамҩаԥигеи иара? Абиблиаҿы иануп «ахәахьы дхалеит» ҳәа. Ажәлар шиқәыӷәӷәозгьы, Иисус аполитика иҽалаигалаӡомызт. Шаҟа иҿырԥш бзиоузеи уи ҳара ҳзы!
6. Ҳазлаиҿыԥшлар ҳахәҭозеи Иисус? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Ҳәарада, ҳара жәлар дук џьашьахәыла акрырҿаҳҵарц, иаҳхәышәтәырц ма ҳархагыларц иаҳмыҳәар ҟалап. Аха ауаа рыԥсҭазаара еиӷьыстәуеит ҳәа иқәгыло аӡә изы ҳабжьы ҳҭиирц, ма даҽакала ҳидгыларц ҳадырцалозар алшоит. Аха Иисус уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы даныҟаз, дымлакҩакӡакәа аполитика аҽалархәра мап ацәикит. Иара убас ԥыҭрак ашьҭахь абас иҳәеит: «Саҳра ари адунеи иатәӡам» (Иоанн 17:14; , албаага). Ҳара Христос ишьҭанеицәа раҳасабала иара еиԥш ҳхәыцлароуп, насгьы ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Убри аҟынтә Анцәа Иаҳра ҳадгылоит, уи аӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәоит, насгьы уи ааирц Анцәа ҳиҳәоит ( 18:36Матф. 6:10). Шәааи еиҭаҳгәалаҳаршәап Иисус џьашьахәыла ауаа рацәа акрышырҿеиҵаз, насгьы уи иаҳнарҵо ҳалацәажәап.
ИИСУС «ЏЬАШЬАХӘЫЛА АЧА ИАЗИУЗ ҴАКЫС ИАМАЗ»
7. Иҟаиҵеи Иисус, насгьы иахырҳәааи уи иапостолцәа? (Иоанн 6:16—20).
7 Иисус ауаа рацәа акранырҿеиҵа, иҵаҩцәа анышь иақәтәаны Капернаумҟа ихынҳәырц реиҳәеит, ихаҭа аҳас дҟазҵарц зҭахыз ауаа ааныжьны ашьха дхалеит. (Шәаԥхьа Иоанн 6:16—20.) Апостолцәа амшын ианхыз, афырҭын алагеит. Аԥшацәгьа анышь кыднаҟьон, ацәқәырԥа дуқәагьы ҭаҽҽон. Ус аҵаҩцәа Иисус аӡы дықәгыланы дшаауаз рбеит. Иисус Пиотргьы аӡы дықәгыланы иара иахь днеирц иеиҳәеит (Матф. 14:22—31). Иисус анышь данҭала, аԥшагьы еиқәтәеит. Убасҟан иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Уара Анцәа Иԥа уакәҵәҟьоуп» (Матф. 14:33) a. Иџьоушьартә иҟоуп, аха дара уи абыржәоуп ианеилыркаа, Иисус уи аԥхьагьы аџьашьахәы ҟаҵаны ауаа рацәа акрышырҿеиҵаз. Марк ари ахҭыс анеиҭеиҳәоз, ихадоу ак азгәеиҭеит: «Аҵаҩцәа шанханы иҟан, избанзар џьашьахәыла ача иазиуз ҵакыс иамаз рзеилымкааӡеит, рыхшыҩ макьана иаркын» (Марк 6:50—52). Дара ирзеилкааӡомызт Иисус ари аџьашьахәгьы, зықьҩыла ауаа акранырҿеиҵаз иҟаиҵаз аџьашьахәгьы Иегова имч ала ишыҟаиҵаз. Убри аҟынтә хара имгакәа Иисус иҵаҩцәа ихадоу ак дирҵарц азы ача аӡбахә цәыригеит. Уи ҳаргьы иҳаҵанакуеит.
8, 9. Избан ауаа Иисус изишьҭаз? (Иоанн 6:26, 27).
8 Иисус акрызҿеиҵаз ауаа афатә-ажәтә акәын изызхәыцуаз. Иабантәиҳдыруеи уи? Адырҩаҽны дара Иисус иҵаҩцәеи иареи анырымба, Тивериадантәи иааз анышьқәа ирықәтәаны дрыԥшаарц азы Капернаумҟа ицеит (Иоанн 6:22—24). Дара еиҳаны Аҳра аӡбахә еилыркаарц аума ирҭахыз? Мап, ирҭахыз Иисус еиҭах акрырҿеиҵарц акәын. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?
9 Шәахәаԥш Капернаум азааигәара ауаа Иисус данырба иҟалаз. Иара иаартны иреиҳәеит ишьҭаланы изааз ача ахьырфаз, рызхарагьы ахьыҟалаз азы шакәыз. Урҭ «ибжьысуа афатә» роурц азы аџьабаа ду рбеит. Аха аџьабаа збатәыз «наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо ибжьымсуа афатә азы» акәын. (Шәаԥхьа Иоанн 6:26, 27.) Иисус иҳәеит Иаб уи афатә шриҭоз. Ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара рызҭо афатә шыҟоу анраҳа, даараӡа иџьаршьазар ҟалап. Изакә фатәуи уи? Ироур шԥарылшоз уи афатә?
10. Иҟарҵар акәзи ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы?
10 Урҭ ауриацәа Иисус иазҵааит уи афатә роурц азы иҟарҵар акәу. Иҟалап дара ргәы иаанагозҭгьы Иисус Моисеи изакәан аҟынтә ԥҟарақәак еиқәиԥхьаӡоит ҳәа. Аха Иисус иҳәеит: «Анцәа иҭахуп иааишьҭыз игәра жәгаларц» (Иоанн 6:28, 29). Уаанӡа Иисус иҳәахьан наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц азы иара игәра шгалатәу (Иоанн 3:16—18). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус иҳәеит наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц азы иҵегьы иҟаҵатәу (Иоанн 17:3).
11. Иаҳзырбозеи ауриацәа афатә мацара ишазхәыцуаз? (Аԥсалом 78:24, 25).
11 Ажәакала, Иисус урҭ ауриацәа иреиҳәеит Анцәа дара рҟынтә дыззыԥшыз. Аха дара ииҳәоз раҳаӡомызт. Дара ус иҵааит: «Иарбан џьашьахәу иаҳурбо, угәра ҳгарц азы?» (Иоанн 6:30). Урҭ ирҳәеит Моисеи ихаан Анцәа чаҵас ирфоз аманна есыҽны ишриҭоз (Неем. 9:15; Иоанн 6:31; шәаԥхьа Аԥсалом 78:24, 25). Ишаҳбо еиԥш, дара зызхәыцуаз ача абаҳаури ҳәа мацара акәын. Иисус «ажәҩан аҟынтә ииашаҵәҟьоу ача» аӡбахә аниҳәа, уи закәузеи ҳәа иагьымҵааӡеит, уи аманна аасҭа ишеиӷьызгьы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара рызҭоз шакәызгьы (Иоанн 6:32). Дара убриаҟара афатә иазхәыцуан, Иисус иреилиркаарц ииҭахыз ихадаз адоуҳатә зхәыцрақәа раҩрыжьит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?
ҲАРА ҲЗЫ ЗЕГЬ РААСҬА ИХАДАЗАР АКӘУ
12. Ихадоузеи зегь раасҭа ауаҩы изы, Иисус излеиҳәаз ала?
12 Иаҳнарҵозеи Иоанн 6-тәи ахаҿы иану? Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадазароуп. Иаҳгәалаҳаршәап Аҩсҭаа Иисус данԥишәоз, Иисус Иегова изыӡырҩра афатә аасҭа ишхадоу шаҳирбаз (Матф. 4:3, 4). Ашьхараҿы ииҳәаз ажәахә аҿгьы Иисус иаҵшьны иҳәеит ауаа Анцәа ида ԥсыхәа шрымам (Матф. 5:3). Убри аҟынтә шәхы шәазҵаа: «Ихадоузеи зегь раасҭа сыԥсҭазаараҿы: Иеговеи сареи ҳаиҩызара акәу, сцәеижьтә ҭахрақәа ракәу?»
13. а) Избан афара-ажәра цәгьарак заҵам? б) Иарбан Павел ақьырсианцәа ириҭаз гәҽанҵароу ҳаззыӡырҩыр ҳахәҭоу? (1 Коринфаа 10:6, 7, 11).
13 Иаҳҭаху ак азы Анцәа ҳаниҳәо, насгьы иаҳҭаху ахьҳамоу ҳанеигәырӷьо, уи бзиоуп (Лука 11:3). Абиблиаҿы иануп «акрыфареи, акрыжәреи, аџьабаа... [иузаанаго] агәахәареи» бзиоуп ҳәа, избанзар ус Анцәа ҳаишеит (Еккл. 2:24; 8:15; Иак. 1:17). Аха уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахар ҳамуроуп. Апостол Павел исаламшәҟәқәа руак аҿы уи аӡбахә далацәажәон. Иара ақьырсианцәа иргәалаиршәеит израильаа ацәҳәыраҿы, насгьы ашьха Синаи азааигәара ианыҟаз ирыхьыз. Павел урҭ ргәырҽаниҵеит израильаа «ацәгьара ишазгәышьуаз еиԥш» иазымгәышьларц. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 10:6, 7, 11.) Иегова израильаа џьашьахәыла афатә риҭеит. Аха дара афатә ада уаҳа акгьы ахьырымбоз ацәгьара алҵит (Ахыԥхь. 11:4—6, 31—34). Израильаа ахьы иалхыз аҳәыс ҟаҵаны ианамҵахырхәозгьы, дара рзы афареи-ажәреи, аччареи-ахәмарреи Анцәа имҵахырхәара аасҭа еиҳа ишхадаз ааԥшит (Ақәҵ. 32:4—6). Ақьырсианцәа Павел исаламшәҟәы ианаамҭаз ироуит, избанзар иаарласны, 70 шықәсазы ҳ. ҳ. аан, Иерусалими аныҳәарҭеи хырбгалан. Ҳаргьы Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ааираны ианыҟоу аамҭазы ҳанхоит. Убри аҟынтә израильаа ирыхьыз ҳмыхьырц азы Павел иажәақәа ҳарзыӡырҩроуп.
14. Иаҳәозеи Абиблиа адунеи ҿыц аҿы афатә зеиԥшрахо аганахьала?
14 Иисус «иахьа иаҳфаша ача» ҳамазарц, насгьы «ажәҩан аҿы еиԥш, адгьыл аҿгьы» Анцәа ииҭаху ыҟазарц азы Анцәа ҳиҳәаларц ҳирҵон (Матф. ). Шәхаҿы иааиуазеи, аԥхьаҟа ишәзыԥшу аԥсҭазаара бзиа шәаназхәыцуа? Абиблиа иаҳәоит Анцәа адгьыл аҿы афатә бзиа ыҟазарц шиҭаху. 6:9—11Исаиа 25:6—8 аҿы иануп ауаа меигӡарахда афатә бзиа шрымазаауа. Аԥсалом 72:16 аҿы иануп: «Адгьыл аҿы ача барақьаҭны иҟалоит, ашьха ахықәцәангьы ирацәахоит». Шәхаҿы иаажәг ачарыц аашьҭыхны бзиа ижәбо ача ма иҿыцу фатәык шыҟашәҵо. Уи адагьы, шәнапала иаашәрыхыз ажь ала аҩы ҟашәҵалар шәылшоит (Ис. 65:21, 22). Иаашәыкәыршаны иҟоу ауаа шәара шәеиԥш аԥсҭазаара бзиа иалагәырӷьалоит.
15. Иарбан рҵаратә программоу зыԥсы ҭаҵахо рзы еиҿкаахо? (Иоанн 6:35).
15 Шәаԥхьа Иоанн 6:35. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иисус ачеи аԥсыӡи зҿеиҵаз ауаа. Урҭ рҟынтә Иисус дхазымҵозгьы рыԥсы ҭалар ауеит (Иоанн 5:28, 29). Усҟан дара Иисус ииҳәаз абарҭ ажәақәа рҵакы еилыркаароуп: «Сара аԥсҭазаара ача соуп. Сара сахь иааиуа ахаангьы амла дакӡом». Дара Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ргароуп — иԥсы шрыхҭниҵаз еилыркаароуп. Зыԥсы ҭаҵахо ауааи адунеи ҿыц аҿы ииуа ахәыҷқәеи рзы адоуҳатә рҵаратә программа еиҿкаахоит. Ҳара урҭ ҳрыцхраалоит Иеговеи игәҭаки реилкаара. Уи зегь раасҭа ихаау афатә иузаанаго агәырӷьара аасҭа еиҳау агәырӷьара ҳзаанагоит!
16. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
16 Ҳара еилҳаргеит Иоанн 6-тәи ахаҿы иаагаз урокқәак. Уа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы иҟаҵатәу аганахьала Иисус иҵегьы ииҳәаз ихадоу азхәыцрақәа аагоуп. Иисус ауриацәа аҵара аныдирҵоз ибзианы изыӡырҩлар акәын. Ҳаргьы ибзианы ҳӡырҩлароуп. Анаҩстәи астатиаҿы Иоанн 6-тәи ахы аилыргара иацаҳҵоит.
АШӘА 20 Угәы ззыбылуа Уԥа дҳауҭеит
a Иџьашьахәу уи ахҭыс иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш ашәҟәы «Иисус — путь, истина и жизнь», адаҟьа 131, насгьы ашәҟәы «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара», адаҟьақәа 185—186.