АҴАРАЗЫ АСТАТИА 49
АШӘА 147 Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳақәиргәыӷуеит
Иҟаҵалатәузеи наӡаӡа ҳанхаларц азы?
«Аб ииҭаху Аԥа дыздызкыло, насгьы уи дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц ауп» (ИОАНН 6:40).
ЕИЛАҲКААУА
Иарбан ԥеиԥшу доуҳала иалху ақьырсианцәеи егьырҭ ауасақәеи Христос иԥсхҭынҵара абзоурала ироуа.
1. Избан аӡәырҩы ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҟалашьа змам ак ауп ҳәа ргәы изаанаго?
АӠӘЫРҨЫ ауаа агәабзиара рымазарц, насгьы акыршықәса нырҵырц азы ирфо иацклаԥшуеит, абаҩрҵәырагьы ҟарҵоит. Аха дара ирдыруеит уеизгьы ишажәуа, аԥсрагьы ишзацәымцо. Дара ргәы иаанагоит наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҟалашьа змам ак ауп ҳәа. Уи иагьырҭахӡам, избанзар ргәы иаанагоит, уи ҟалар, ишажәу, ауадаҩрақәа шрымоу наӡаӡа инхалоит ҳәа. Аха Иисус наӡаӡатәи аԥсҭазаара агәырӷьара зцу ак еиԥш дахцәажәон. Иажәақәа ҳрыԥхьар ҳалшоит, иаҳҳәап, Иоанн 3:16, насгьы 5:24 аҿы.
2. Ианузеи Иоанн 6-тәи ахаҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара иазкны? (Иоанн 6:39, 40).
2 Ҽнак зны Иисус зықьҩыла ауаа ачеи аԥсыӡи рҿеиҵеит a. Уи џьашьахә дуун. Аха Иисус адырҩаҽны ииҳәаз ауаа уи аџьашьахәы аасҭагьы иаршанхеит. Дара Иисус дахьыҟаз Галилеиатәи амшын аҿықәаҿы ишьҭаз Капернаум инеит. (Шәаԥхьа Иоанн 6:39, 40.) Уа Иисус иреиҳәеит иԥсхьоу рыԥсы шҭало, наӡаӡа анхарагьы шрылшо. Шәрызхәыц иԥсхьоу шәыуацәеи шәҩызцәеи. Иаанагозеи уи дара рзы? Дара рыԥсы ҭалар, насгьы ишәыцны наӡаӡатәи аԥсҭазаара иалагәырӷьалар рылшоит! Иоанн 6-тәи ахаҿы иану анаҩстәи Иисус иажәақәа изыӡырҩуаз ауаа азҵаарақәа рызцәырнагеит. Иисус иажәақәа ззеилымкаауа иахьагьы ирацәаҩуп. Ииҳәазеи Иисус?
3. Ииҳәазеи Иисус ихазы Иоанн 6:51 аҿы?
3 Иисус џьашьахәыла ауаа акранырҿеиҵа, иргәалашәеит Иегова ацәҳәыраҿы рабацәа-рабдуцәа ириҭоз аманна. Дара ирдыруан аҩыраҿы аманна «ажәҩан аҟынтә ача» ҳәа шазҳәаз (Аԥсал. 105:40; Иоанн 6:31). Иисус уи ихы иархәаны ихадаз ак дирҵарц иӡбеит. Аманна џьашьахәыла ирызҭоз Анцәа шиакәызгьы, уи зфоз аҵыхәтәаны иԥсит (Иоанн 6:49). Иисус ихазы «ажәҩан аҟынтә ииашаҵәҟьоу ача», «Анцәа ича», насгьы «аԥсҭазаара ача» ҳәа иҳәеит (Иоанн 6:32, 33, 35). Иисуси аманнеи злеиԥшымыз ак ыҟан. Иара иҳәеит: «Сара ажәҩан аҟынтә илбааз, зыԥсы ҭоу ача соуп. Уи ача зфо дарбанзаалак наӡаӡа дынхалоит». (Шәаԥхьа Иоанн 6:51.) Иисус изыӡырҩуаз ауриацәа уи даара иџьаршьеит. Дара ирзеилкааӡомызт Иисус ихазы «ажәҩан аҟынтә илбааз... ача» ҳәа зиҳәаз. Избан уи «ача» Анцәа рабацәа-рабдуцәа ириҭоз аманна аасҭа изеиӷьыз? Иисус уи аилкаара дрыцхраарц азы абас реиҳәеит: «Уи ача сцәеижь ауп». Ииҳәарц ииҭахызи иара? Ҳара ари азҵаара аҭак ҳдыруазароуп, избанзар иаҳзааигәоу ауааи ҳареи наӡаӡа ҳанхалоу-ҳнымхалоу уи иахьыԥшуп. Шәааи аҭак еилаҳкаап.
АЖӘАҚӘА «САРА... ЗЫԤСЫ ҬОУ АЧА СОУП», НАСГЬЫ «УИ АЧА СЦӘЕИЖЬ АУП» ҴАКЫС ИРЫМОУ
4. Избан шьоукы Иисус иажәақәа зџьаршьаз?
4 Иисус ауаа иреиҳәеит ирфалар акәу ача ицәеижь шакәу, насгьы уи «ауаатәыҩса нхаларц азы» ишрыхҭниҵо. Дара урҭ ажәақәа уамашәа ирбеит. Иҟалап дара Иисус иажәақәа ишыҟаҵәҟьаз еилыркаазар, даҽакала иуҳәозар, аканнибализм рыдигалозшәа рбазар (Иоанн 6:52). Аха уи ашьҭахь Иисус еиҳагьы изыршанхаз ак иҳәеит: «Ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфозар, ишьа шәымжәуазар, аԥсҭазаара шәоураны шәыҟаӡам» (Иоанн 6:53).
5. Иабантәиҳдыруеи Иисус ауаа ишьаҵәҟьа ржәларц шреимҳәарыз?
5 Нои ихаан Анцәа ауаа ашьа рымфаларц реиҳәеит (Аҟаз. 9:3, 4). Иегова израильаа азакәан анриҭоз, уи аԥҟара еиҭах иҳәеит. Уи еилазгоз дарбанзаалак ашьра иқәырҵон (Алев. 7:27). Иисус ауриацәа Моисеи изакәан иқәныҟәаларц реиҳәон (Матф. 5:17—19). Убри аҟынтә ицәеижьҵәҟьа рфаларц, насгьы ишьаҵәҟьа ржәларц ахаан иреиҳәарымызт. Аха Иисус уамашәа иубар алшоз арҭ ажәақәа ауаа ианреиҳәоз, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы иҟарҵалар акәу дирҵарц иҭахын (Иоанн 6:54).
6. Иабантәиҳдыруеи Иоанн 6:53 аҿы Иисус ихы иаирхәаз ажәақәа «ацәеижь», насгьы «ашьа» иаадырԥшуаз даҽакы шакәыз?
6 Еилкаауп Иисус ихы иаирхәаз ажәақәа «ацәеижь», насгьы «ашьа» иаадырԥшуаз даҽакы шакәыз. Уи аҩыза азнеишьа иара уаанӡагьы ихы иаирхәахьан. Иаҳҳәап, самариатәи аԥҳәыс илеиҳәеит: «Сара исҭо аӡы зжәуа уаҳа ахаангьы аӡба дакӡом. Сара исҭо аӡы иҩныҵҟа ахьхьаҳәа иаауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо аӡы ахьыҵыҵуа ӡыхьхоит» (Иоанн 4:7, 14) b. Ҳәарада, иара иҳәар иҭахӡамызт самариатәи аԥҳәыс ҵеиџьк аҟынтә аӡы лжәыр, наӡаӡатәи аԥсҭазаара лоуеит ҳәа. Капернаум иҟаз ауаагьы идирҵаӡомызт ицәеижьҵәҟьа рфалар, насгьы ишьаҵәҟьа ржәлар, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит ҳәа.
ИИСУС ИҴЕГЬЫ АЦӘЕИЖЬИ АШЬЕИ РЫӠБАХӘ АНИҲӘАЗ
7. Ишԥеилыркаауеи шьоукы Иоанн 6:53 аҿы иану Иисус иажәақәа?
7 Динхаҵарақәак ауаа иддырҵоит Иоанн 6:53 аҿы Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы иҟаҵалатәу далацәажәон ҳәа, избанзар уи анаԥиҵозгьы, ацәеижьи ашьеи рыӡбахә иҳәеит (Матф. 26:26—28). Убри аҟынтә дара ирҳәоит Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы зегьы ача рфалар, насгьы аҩы ржәлар рыхәҭоуп ҳәа. Аха уи ус аума? Уи еилкаатәуп, избанзар есышықәса Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш аҽны миллионҩыла ауаа ҳацеизоит. Ҳара иаҳбоит Иоанн 6-тәи ахаҿы зыӡбахә ану ахҭыс Иҳақәиҭу иуаххьа излаиеиԥшым шырацәоу.
8. Излеиԥшымзеи Иоанн 6-тәи ахаҿы зыӡбахә ану ахҭыси Иҳақәиҭу иуаххьеи? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)
8 Раԥхьаӡа иргыланы ҳрыхәаԥшып арҭ ахҭысқәа злеиԥшым ҩ-ҭагылазаашьак. Актәи, иабеиҳәеи, насгьы ианбеиҳәеи Иисус Иоанн 6:53—56 иану ажәақәа? Уи ҟалеит Галилеиа 32 шықәсзы ҳ. ҳ. аан. Иҳақәиҭу иуаххьа акәзар, шықәсык аҟара ашьҭахь Иерусалим иаԥиҵеит. Аҩбатәи, изеиҳәада иара арҭ ажәақәа? Галилеиа иҟаз ауаа еиҳа изызхәыцуаз Иеговеи уи Иаҳреи ирызку адыррақәа ракәымкәа, афатә акәын (Иоанн 6:26). Иисус урҭ зеилкаара рцәыцәгьахаз ажәақәа анреиҳәа, аӡырҩра иаҟәыҵит, иҵаҩцәа рыбжьарагьы даазыжьыз ҟалеит (Иоанн 6:14, 36, 42, 60, 64, 66). Шықәсык аҟара ашьҭахь, 33 шықәсазы ҳ. ҳ. аан имҩаԥысыз раԥхьатәи Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы акәзар, Иисус 11-ҩык изиашаз иапостолцәа ицын. Даргьы идирҵоз аҟынтә ирзеилымкаауаз рацәан, аха уеизгьы ицын. Иисус изиашаз иапостолцәа, Галилеиа изыӡырҩуаз ауаа реиԥш акәымкәа, агәра ганы иҟан иара ажәҩан аҟынтә иааз Анцәа Иԥа шиакәыз (Матф. 16:16). Иара урҭ ирҽхәеит: «Шәара ауадаҩрақәа санрықәшәоз сааншәмыжьӡеит» (Лука 22:28). Еиԥшым арҭ ҩ-ҭагылазаашьак ибзианы иаҳдырбоит Иоанн 6:53 иану ажәақәа Иҳақәиҭу иуаххьа ишаҵанамкуа. Ҳахәаԥшып арҭ ҩ-ҭагылазаашьак иҵегьы излеиԥшым.
ИИСУС ИАЖӘАҚӘА ШӘАРА ШӘЗЫ ҴАКЫС ИРЫМОУ
9. Захь ирхада Иҳақәиҭу иуаххьа аан Иисус ииҳәаз ажәақәа?
9 Иҳақәиҭу иуаххьа аан Иисус иапостолцәа арҵәыга зламыз ача риҭеит, насгьы иҳәеит уи ицәеижь шаанарԥшуа. Анаҩс аҩы риҭан, уи аӡәырҩы рзы икаҭәо ишьа шаанарԥшуа, насгьы уи абзоурала «аиқәшаҳаҭра» шыбжьаҵахо иҳәеит (Марк 14:22—25; Лука 22:20; 1 Кор. 11:24). Абар даҽа зхәыцрак: Иисус аиқәшаҳаҭра аӡбахә иҳәеит. Иегова аиқәшаҳаҭра ҿыц адоуҳатә Израильи иареи ирыбжьеиҵеит. Даҽакала иуҳәозар, аиқәшаҳаҭра зыбжьеиҵаз ауаа зегьи иареи ракәымкәа, «Анцәа Иаҳраҿы» Иисус аҳра ицзуло мацареи иареи роуп (Аур. 8:6, 10; 9:15). Ҳәарада, усҟан апостолцәа ирзеилымкаауаз ыҟан. Аха дук мырҵыкәа иԥшьоу адоуҳа роуит, насгьы Иисус ажәҩан аҿы ицҟазарц азы аиқәшаҳаҭра ҿыц иалахәхеит (Иоанн 14:2, 3).
10. Излаиеиԥшыми иҵегьы Иҳақәиҭу иуаххьа Галилеиа иҟалаз ахҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
10 Иазгәашәҭ Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы ииҳәаз ажәақәа «аԥсаса маҷ» мацара шаҵанакуаз (Лука 12:32). Раԥхьаӡа иргыланы уи агәыԥ иахәҭакхаз уи ахәылԥазы Иисус ицыз гәыкала изыҟаз иапостолцәа ракәын. Урҭгьы ԥыҭрак ашьҭахь уи агәыԥ иалахәхазгьы Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы ача рфоит, насгьы аҩы ржәуеит. Урҭ рзоуп ажәҩан аҿы Иисус иааигәара аҭыԥ зырхиоу. Уи даҽа еиԥшымрак ауп. Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аҿы ииҳәаз ажәақәа иҵаҩцәа имаҷу ргәыԥ мацара акәын изҵанакуаз. Галилеиа ииҳәаз ажәақәа ракәзар, хыԥхьаӡара змамыз ауаа рахь ирхан.
11. Иабантәиҳдыруеи Иисус Галилеиа ииҳәаз ажәақәа ауаа зегьы ишрыҵанакуа?
11 32 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Галилеиа Иисус изыӡырҩуаз аиҳараҩык ауаа иара иҟынтә ирҭахыз ача акәын. Аха иара урҭ ача аасҭа ихадаз акы иазхьаирԥшит — уи абзоурала дара наӡаӡатәи аԥсҭазаара роур рылшон. Иисус иҳәеит иԥсхьоу аҵыхәтәантәи амш азы рыԥсы шҭало, насгьы наӡаӡа инхалар шрылшо. Иисус Иҳақәиҭу иуаххьа аан ииҳәаз ажәақәа ҷыдала иалху мацара ирыҵанакуан. Уи аԥхьа Галилеиа ииҳәаз ажәақәа ракәзар, ауаа зегьы ирыҵанакуан. Убри аҟынтә иара иҳәеит: «Уи ача сцәеижь ауп. Сара уи ауаатәыҩса нхаларц азы ирыхҭнысҵоит» (Иоанн 6:51).
12. Иҟаиҵалар акәзеи ауаҩы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы?
12 Иаанагома Иисус Галилеиа ииҳәаз ажәақәа адгьыл иқәынхоз ауаа зегьы наӡаӡа инхалоит ҳәа? Мап. Наӡаӡа инхало «уи ача зфо», даҽакала иуҳәозар, Иисус дышхеиҵо усла иаазырԥшуа иоуп. Ақьырсиантә динхаҵарақәа ныҟәызго аӡәырҩы ауаа ирыԥхьаӡоит Иисус игәра агареи Ҳаиқәырхаҩ ҳәа изҳәареи мацара азхоит ҳәа (Иоанн 6:29). Аха узызхәыцша ак ыҟоуп. Галилеиа Иисус изыӡырҩуаз аӡәырҩы ауаа раԥхьа игәра ргеит, аха нас ишьҭанеира иаҟәыҵит. Избан?
13. Иаанагозеи Иисус ишьҭанеира?
13 Иисус акрызҿеиҵаз реиҳараҩык ирҭахыз риҭонаҵы мацара акәын ишьҭанеира ианазхиаз. Ирҭахызи дара? Ихәышәтәларц, акрырҿеиҵаларц, ргәы иахәаша ажәақәа мацара реиҳәаларц. Аха Иисус адгьыл ахь дзааз ргәаҳәарақәа рынагӡаразы акәӡамызт. Иара хықәкыс имаз ауаа ишьҭанеицәаны ишыҟалаша дырҵара акәын. Иисус ауаа иара иахь иааирц иааиԥхьон. Уи иаанагоз иааигәара аҟазаара мацара акәӡамызт, аха хшыҩзышьҭрала изыӡырҩреи идирҵоз зегьы аԥсҭазаараҿы ахархәареи ракәын (Иоанн 5:40; 6:44).
14. Иҟаҳҵалар акәзеи наӡаӡа ҳанхаларц азы?
14 Иисус Иоанн 6:53 аҿы ацәеижьи ашьеи рыӡбахә аниҳәоз, иԥсы рыхҭынҵаны инеигараны иҟаз акәырбан акәын зыӡбахә имаз. Изыӡырҩуаз ауриацәа уи акәырбан агәра ргалар акәын. Избан? Избанзар уи абзоурала акәын наӡаӡатәи аԥсҭазаара роур зларылшоз. Иахьагьы убас ауп (Иоанн 6:40). Ауаҩы наӡаӡа дынхалар иҭахызар, Христос иԥсхҭынҵара агәра игалароуп. Уи аҩыза алшара ауаа зегьы ирымоуп (Еф. 1:7).
15, 16. Иарбан ихадоу урокқәоу Иоанн 6-тәи ахаҿы иану?
15 Шаҟа ибзиоузеи Иоанн 6-тәи ахы ахьеилҳаргаз! Уи ахәарҭа ду ҳзаанагеит. Ҳара иаҳбеит Иисус ахаара аарԥшны ауаа дышреиҷаҳауа. Галилеиа даныҟаз, иара ачымазаҩцәа ихәышәтәуан, ауаа Аҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон, насгьы амла ианакуаз, акрырҿеиҵон (Лука 9:11; Иоанн 6:2, 11, 12). Аха зегь раасҭа ихадоу, Иисус ауаа идирҵон иара «аԥсҭазаара ача» шиакәу (Иоанн 6:35, 48).
16 Иисус «егьырҭ ауасақәа» ҳәа ззиҳәаз Иҳақәиҭу иуаххьа аан ача рымфалароуп, аҩгьы рымжәлароуп (Иоанн 10:16). Аха дара Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ргоит аҟынтә, «аԥсҭазаара ача» рфоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Иоанн 6:53). Иҳақәиҭу иуаххьа аан ача зфо, насгьы аҩы зжәуа иаадырԥшуеит иҿыцу аиқәшаҳаҭра ишалахәу, насгьы жәҩантәи Аҳраҿы аҳцәаны ишыҟало. Иоанн 6-тәи ахы Христос ишьҭанеицәа зегь ҳзы — иԥшьоу адоуҳала иалху рзгьы, егьырҭ ауасақәа рзгьы — ихадоу аурокқәа ануп. Уи иаҳнарҵоит ҳара зегьы Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра ҳгалар шҳахәҭоу, избанзар убасҟан ауп наӡаӡатәи аԥсҭазаара анҳауа.
АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала
a Иоанн 6:5—35 ҳазхысыз астатиаҿы еилыргоуп.
b Иисус зыӡбахә иҳәаз аӡы иаанарԥшуеит ауаа наӡаӡа инхаларц азы Иегова иҟаиҵахьоуи уажәы иҟаиҵои.