Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ирфози израильаа ацәҳәыраҿы аманнеи а́чақәеи рыда?
Израильаа 40 шықәса ацәҳәыраҿы ианыҟаз еиҳараӡак фатәыс ирымаз аманна акәын (Ақәҵ. 16:35). Иара убас Абиблиаҿы иануп Иегова урҭ фатәыс а́ча шриҭаз иазку ҩ-хҭыск (Ақәҵ. 16:12, 13; Ахыԥхь. 11:31). Аха израильаа фатәыс ирымаз уи мацара акәӡамызт.
Иаҳҳәап, Иегова израильаа аангылар ахьрылшоз аҭыԥқәа рахь зны-зынла инеигон, уа дара иржәшаз ӡыки уаҟа изызҳауаз ирфашаз фатәыки рыԥшаар рылшон (Ахыԥхь. 10:33). Ус еиԥш иҟаз аҭыԥқәа иреиуан — аоазис Елим, «уа 12 ӡыхь ыҵыҵуан, насгьы 70 пальма гылан». Иҟалап урҭ афиник зҿалоз апальмақәа ракәызҭгьы (Ақәҵ. 15:27). Шәҟәык аҿы абас ануп: «Афиник зҿало апальма ирацәаны аҭыԥқәа рҿы иазҳауеит... Уи ацәҳәыраҿы миллионҩыла ауаа афатәи, ахәшеи, ахыҵакырҭеи рызҭо ҵлоуп» (Plants of the Bible).
Иара убас иҟалап израильаа иахьа Фаран ҳәа еицырдыруа аоазис ду аҿы иаанҿасуазҭгьы a. Уи аӡиас аԥшаҳәа (даҽакала иуҳәозар, ва́ди) аҿы ишьҭоуп. Шәҟәык аҿы иануп «уи 130 километра аура амоуп, насгьы Синаитәи адгьылбжьахабжаҿы зегь реиҳа идуу, еицырдыруа, иԥшӡоу вадиқәа иреиуоуп» ҳәа. Иара убас уа иануп: «Аӡиас аӡы иахьалало инаркны 45 километра раҟара инаскьаганы, амшын аҟынтә 600 метра маҷк инацны иҟоу аҳаракыраҿы ишьҭоуп апальмақәа ахьырацәоу аоазис Фаран. Уи 5 километрак аҟара аура амоуп, насгьы Едемтәи абаҳча иаҿурԥшыр алшоит. Зқьыла ара изызҳауа афиник зҿало апальмақәа жәытәнатә аахыс ауаа аднаԥхьалон» (Discovering the World of the Bible).
Израильаа Египет иалҵны ианцоз, амажәеи уи зныркәаҳалози ргеит, иара убас иҟалап ачарыци ахәшеи шьҭырхзар. Ҳәара аҭахума, уи зегьы акыраамҭа ирызхарымызт. Иара убас дара ирацәаны арахә-ашәахә рыманы ицеит (Ақәҵ. 12:34—39). Аха ацәҳәыраҿы урҭ рныҟәгара ахьыцәгьаз иахҟьаны ирацәаны арахә рцәыԥсит. Уи адагьы, ԥстәқәак шьны ирфеит, егьырҭ кәырбанс инаргеит, амцнцәахәқәа ирызнаргазгьы ҟалеит (Аус. 7:39—43) b. Аха израильаа ацәҳәыраҿы инхонаҵы уеизгьы арахә-ашәахә рыман. Уи убарҭоуп Иегова израильаа анизымӡырҩ иреиҳәаз ажәақәа рҟынтә: «Шәыҷкәынцәа 40 шықәса ацәҳәыраҿы хьчацәас иҟазаауеит» (Ахыԥхь. 14:33). Ус акәзар, дара ахшгьы акәацгьы рымазҭгьы ҟаларын. Аха уи зегьы х-миллионҩык раҟара иҟаз ажәлар 40 шықәса рыҩныҵҟа ирызхарымызт c.
Аха иабааргоз израильаа аԥстәқәа ирҿарҵоз афатәи иддыржәуаз аӡи? d Иҟалап усҟан ацәҳәыраҿы еиҳа лассы-лассы ақәа леиуазҭгьы, убри аҟынтә ашьац еиҳа ирацәазҭгьы. Ашәҟәы «Понимание Писания», астатиа «Аравия», аҿы иануп: «Усҟантәи аамҭазы, 3500 шықәса раҟара раԥхьа, Аравиа аӡы уажәы аасҭа еиҳа ирацәан. Иҵаулоу ирацәоу вадиқәа, даҽакала иуҳәозар, аӡиасқәа зҭаланы ицоз иҭабахьоу аӡышьҭрақәа ишьақәдырӷәӷәоит, усҟан урҭ аӡышьҭрақәа зырҭәуаз ақәа рацәаны ишлеиуаз». Аха уеизгьы ацәҳәыра аӡәгьы дахьнымхоз ишәарҭаз ҭыԥын (Ҩынтә. 8:14—16). Иегова израильаа џьашьахәыла аӡы римҭозҭгьы, ауаагьы аԥстәқәагьы уа изеиқәхарымызт (Ақәҵ. 15:22—25; 17:1—6; Ахыԥхь. 20:2, 11).
Моисеи ишиҳәаз еиԥш Анцәа израильаа аманна зырҿеиҵоз ауаҩы иԥсы злаҭоу ача мацарала шакәым деилиркаарц азоуп, иԥсы злаҭоу «Иегова ииҳәо ажәа» алагьы ауп (Ҩынтә. 8:3).
a Шәахәаԥш 1992 шықәса, маи 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 24, 25.
b Абиблиаҿы иануп израильаа ацәҳәыраҿы Иегова аԥстәқәа кәырбанс ишизнаргаз иазку ҩ-хҭыск. Актәи — уи Анцәа Аарон иԥацәеи иареи ԥшьаҩцәас амаҵ руларц азы ианалихыз ауп. Аҩбатәи — Амшаԥ ныҳәа аназгәарҭоз ауп. Арҭ аҩхҭыск ҟалеит 1512 шықәсазы ҳ. ҟ., израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь шықәсык аҟара анҵы (Алев. 8:14—9:24; Ахыԥхь. 9:1—5).
c Израильаа ацәҳәыра иқәуижьҭеи 40 шықәса ҵырц маҷк шагыз аибашьраҿы аиааира анырга, шәнызқьла арахә-ашәахә ргеит (Ахыԥхь. 31:32—34). Аха уеизгьы Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеиаанӡа аманна рфон (Иис. Н. 5:10—12).
d Аԥстәқәа аманна рфон ҳәа ҳазҳәаӡом. Избанзар Иегова израильаа иреиҳәеит доусы шаҟа ифар илшоз мацара еизигаларц (Ақәҵ. 16:15, 16).