Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аиашара

Аиашара

Азин змада аиашара закәу аӡбара?

Ҩнтә 32:4; Иез 33:17—20

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 18:23—33. Иеговеи Авраами реицәажәара иаҳнарбоит Иегова Аӡбаҩ иаша шиакәу.

    • Аԥс 72:1—4, 12—14. Ари аԥсалом Иегова ииашоу инормақәа еснагь ирықәныҟәо мессиантәи Аҳ дҳаранакуеит.

Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова ииашоу инормақәа ҳахьрықәныҟәо?

Аԥс 37:25, 29; Иак 5:16; 1Пт 3:12

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 35:24; Иса 26:9; Рм 1:17

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иов 37:22—24. Елиуи Иегова ииашаразы дҳареикуан. Иара иҳәеит Анцәа ду имоу ахьӡ-аԥша ҳаҭыр ду иқәҵара угәы шазҭанаҵо.

    • Аԥс 89:13—17. Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова дҳареикуан аиашара иазку инормақәа инарықәыршәаны напхгара ахьиуа азы.

Иаанагозеи Анцәа игәаԥхо аусқәа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы рыргылара?

Иез 18:25—31; Мф 6:33; Рм 12:1, 2; Еф 4:23, 24

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 6:9, 22; 7:1. Нои дуаҩ иашан, избанзар еснагь Иегова ишиеиҳәоз еиԥш зегь ҟаиҵон.

    • Рм 4:1—3, 9. Иегова Авраам дуаҩ иашаны диԥхьаӡон, избанзар ахаҵара ӷәӷәа иман.

Избан ҳуаҩ иашаны аҟазаара ҳгәазҭазҵо Иегова иахь иҳамоу абзиабара акәзар захәҭоу, егьырҭ ҳхы ргәаҳарԥхарц ахьаҳҭаху акәымкәа?

Мф 6:1; 23:27, 28; Лк 16:14, 15; Рм 10:10

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 5:20; 15:7—9. Иисус иҳәеит ҳуаа иашаны ҳаҟазар шҳахәҭоу, аха азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ҳреиԥшхар ҳахәҭаӡам. Урҭ рзы еиҳа ихадаз Анцәа игәаанагара акәымкәа, иуаа иашақәоуп ҳәа рхаҭа рхы ахьырыԥхьаӡоз ауп.

    • Лк 18:9—14. Иисус иуаа иашақәаны зхы зыԥхьаӡо, насгьы егьырҭ раҵкыс еиӷьушәа згәы иаанаго ауаа аҽыриашара дрыцхраац азы аҿырԥштәы ааигеит.

Избан абзиара аҟаҵара еиҳа изхадоу уаҩ иашаны аҟазаара аасҭа?

Избан ҳуаа иашақәоуп ҳәа ҳхаҭа ҳхы ҳаԥхьаӡалар, насгьы егьырҭ раҵкыс ҳаиӷьуп ҳәа ҳгәы иаанагалар захәҭам?

Ек 7:16; Иса 65:5; Рм 10:3; 14:10