Анацәа
Иарбан ҭакԥхықәрақәоу Иегова анацәа зегьы ирыдиҵаз?
Ажәм 31:17, 21, 26, 27; Тит 2:4
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 21:8—12. Измаил Сарра лыҷкәын хәыҷы Исаак дихыччон. Лара уи анылба, Авраам рыҷкәын хәыҷы дихьчарц диҳәеит.
1Аҳ 1:11—21. Вирсавиа лԥа Соломон иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу, насгьы Адониа уи иҭыԥан аҳас дҟаларц шиҭаху анеилылкаа, аҳ Давид диҳәеит уи аҭагылазаашьа иӡбарц.
Избан ахәыҷқәа ран ҳаҭыр лықәырҵалар, насгьы илзыӡырҩлар зрыхәҭоу?
Ақәҵ 20:12; Ҩнтә 5:16; 27:16; Ажәм 1:8; 6:20—22; 23:22
Шәахәаԥш иара убас 1Тм 5:9, 10
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
1Пт 3:5, 6. Апостол Пиотр иҳәеит Сарра ахаҵара ӷәӷәа шлымаз. Уи илҿыԥшуа ақьырсианҳәсақәа зегьы ран лоуп ҳәагьы лзиҳәеит.
Ажәм 31:1, 15, 21, 28. Аҳ Лемуил иан ихадоу алабжьарақәа илҭеит. Урҭ алабжьарақәа аҭаацәара алазаареи, аԥҳәыс аҭаацәараҿы иналыгӡо аԥҳәыс лрольи, ан лрольи ирызкын.
2Тм 1:5; 3:15. Апостол Павел Тимофеи иан Евника дирҽхәеит лԥа Иԥшьоу Аҩыра ахьилырҵоз азы, лхаҵа уи шиҭахымызгьы.