«Анцәа ҳаԥсҭазаара еиқәирхеит»
2005 шықәсазы Индиа инхо Саубхагиа лхаҵа дыԥсит. Иара заҵәык иакәын иԥҳәыси иԥҳа Мегханеи ныҟәызгоз. Данԥсы ашьҭахь урҭ даараӡа ирцәыцәгьан.
Саубхагиа ацхыраара лызҭо ҳәа аӡәгьы длымаӡамызт. Лҭаацәаҵәҟьагьы мап лцәыркит, дара ирыԥхьаӡон лыԥҳаи лареи иҳәаркьиуа иқәуп ҳәа, еидарас шәҳамоуп ҳәагьы рарҳәон. Ҭынчрак лыԥшаарц азы Саубхагиа аҭыԥантәи ауахәама даҭаауа далагеит, аха дахьӷарыз азы уаҟагьы пату лықәырҵаӡомызт. Лара лҽазылшәон рхы зланыҟәыргашаз усурҭак аԥшаара, аха зехьынџьара мап лцәыркуан. Саубхагиа илгәалашәоит: «Убриаҟара сгәы кыдгыланы иҟан, аҽшьра акәын исҭахыз. Аха нас сыԥҳа слызхәыцит, сара сыда лара лхы лызбаӡомызт, убри аҟынтә исыӡбеит ҳҩыџьагьы ҳаԥсыроуп ҳәа». Убас иҟаз ахәыцрақәа шлымаз дцеит ахәшәшьыга аахәара.
Адәыӷбала дхынҳәны аҩныҟа данаауаз, Елизабет зыхьӡыз Иегова ишаҳаҭ лацәажәара далагеит. Саубхагиа илҳәеит кыраамҭа аусура дшашьҭоу, илыԥшаап ҳәагьы шьҭа дшыҟам. Елизабет аусурҭа аԥшаараҿы ацхыраара лыдылгалеит. Иара убас илҳәеит Абиблиа аҵарахьы дышцоз. Саубхагиа иџьалшьеит: лара еиуеиԥшым ауахәамақәа рҿы дыҟан, аха илмаҳаӡацызт инеиуа ауаа Абиблиа рҵоит ҳәа. Елизабет Саубхагиа сасра даалыԥхьеит, уи аҵара шымҩаԥысуа еиҳа инарҭбааны илзеиҭалҳәарц азы.
Аҩныҟа данааи, Саубхагиа уеизгьы аҽшьра акәын лхы иҭаз. Аха лыуак џьара дцазаап, Мегханагьы дигазаап. Убри аҟынтә Саубхагиа илыӡбеит лыԥҳа даанӡа дыԥшырц, нас лгәы иҭалкыз ҟалҵон.
Уи аамҭазы Саубхагиа Елизабет лахь сасра дцеит, Елизабет уи гәыкала длыдылкылеит. Елизабет Саубхагиа ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ллырбеит. Лара аинтерес лызцәырнагеит ахы «Иабаҟоу иԥсхьоу?», избанзар лхаҵа дықәхьаалгон. Саубхагиа иаразнак Абиблиа аҵара дақәшаҳаҭхеит.
Мчыбжьык ашьҭахь арегионалтә конгресс ҟалараны иҟан. Елизабет Саубхагиа ааԥхьара лылҭеит, ларгьы даҭааит. Уа илбаз-илаҳаз лгәаҵанӡа инеит, Иегова ишаҳаҭ лакәхарцгьы лҭаххеит. Саубхагиа аконгресс ашьҭахь аҩныҟа данаа, усурҭак лыдыргалеит.
Абиблиа аҵара абзоурала Саубхагиа лыԥсҭазаара аҵакы аиуит, аҽшьрагьы уаҳа дазхәыцӡомызт. Аамҭак ашьҭахь лара аӡы лыҽӡаалхит, ԥыҭрак ашьҭахь лыԥҳа Мегханагьы. Иахьа рҩыџьагьы пионерцәоуп, гәыкала Иегова имаҵ руеит, Мегхана индиатәи аиҭагаратә офис аҟны хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟалҵоит.
Саубхагиеи Мегханеи даараӡа иеигәырӷьоит Елизабет адәыӷбаҿы ацәажәара дахьалагаз, Саубхагиа лахь аԥхарра аарԥшны аҵабырг ахьылзеиҭалҳәаз. Дара Иегова гәыкала ҭабуп ҳәа иарҳәоит. Мегхана илҳәоит: «Убасҟан аҵабырг ҳмаҳазҭгьы, сани сареи уажәшьҭа ҳаҟамижьҭеи акыр ҵхьазаарын. Уажәы ҳара анасыԥ ҳамоуп, насгьы ҳаԥшуп папа данаҳбо, дааҳгәыдыҳәҳәаланы Иегова иӡбахә аниаҳҳәо, насгьы Анцәа ҳаԥсҭазаара шеиқәирхаз атәы анизеиҭаҳҳәо аамҭа».